"Аԥсны аҳәынҭқарартә политика убас иҟазароуп, ауаҩы иԥсҭазаараҿы аус ахьиулак дзықәшәалакгьы, ихала даанумыжьлароуп, убасҟан аҳәынҭқарратә инструментқәа аус руроуп. Ауаҩы ҷыдала дызҿу, аус ахьиуа аилкаара ҳалагароуп. Уажәы аӡәы иоур ауеит фондк, х-фондк рҟынтә ацхыраара, егьи иакәзар, имаҷны иоур алшоит. Атәанчаҩратә фонд атәы цәгьоуп, уи иара ахатәы ҷыдарақәа амоуп. 32 000 инацны атәанчаҩцәа атәнчахәы роуеит Урыстәылатәи, есымза 612 миллион мааҭ инеиҵамкәа — уи маҷӡам. Афондқәа рус еидкылан џьарак иҟахҵар, аусурагь иаҳа алҵшәа аиуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.