Урыстәылатәи аруаа аԥхынтәиа ҽазыҟаҵарақәа реихшьаала ҟарҵеит

Иааидкыланы аԥхынтәи аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 3 000-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауааи 700 цыра инареиҳаны арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 31– Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа аԥхынтәи аҽазыҟаҵарақәа реихшьаала мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥхынра иалагӡаны аррамаҵзурауаа имҩаԥыргеит 20 рҟынӡа ҽазыҟаҵара. Убри аан дара рыпрофессионалтә ҩаӡара иаздырҳауан.

Урыстәылатәи азенитчикцәа изаамҭанытәиу аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа реиҳара мҩаԥыргон ашьхареи амшынԥшаҳәеи ирыԥну аҵакырақәа рҿы. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон аполигонқәа "Ҵабал", "Нагвалоу", "Гәдоуҭа" (Аԥсны), Краснодартәи, Астрахантәи, Волгоградтәи аобластқәа рҟны (Урыстәыла).

Аҽазыҟаҵарақәа раан имҩаԥыргон ахысрақәа, арратә техника рныҟәцара.

Иааидкыланы аԥхынтәи аҵара-ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 3 000-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауааи 700 цыра инареиҳаны арратә техникеи.