"Аԥсуа бызшәаҟны амшынтә лексика ииаӡӡауа иреиуоуп. Уи амзызқәа ируакуп, амшын аҿықәаҟны инхоз ҳажәлар амҳаџьырраан ихыҵны ицар ахьакәхаз, атрагедиа дуун аан ихҵәеит. Аха ус ишыҟалазагьы, ашьха иахьаԥну инхоз алада илбаазгьы ирацәаны ирдыруан амшын иадҳәалаз алексика. Иахьа 300-400 ажәа еиҳаны ҳхы иаҳархәоз ажәақәа ҳаԥшааит. Урҭ рахьынтә иҟоуп зынӡа аԥсуа шьаҭа змоу, убас иҟоу ижәытәӡатәиу ажәақәа рхыԥхьаӡара 200 рҟынӡа инаӡоит. Уи иаҳәо даара ирацәоуп. Абызшәаҟны иаанханы иҟоуп, уи џьаргьы иузгом", — иҳәеит Ӡиӡариа.