Кәарацхьелиаԥҳа еиҭалҳәеит дәрыԥшьаа аӡахәа ааӡараҿы ирымоу амаӡақәа ртәы
© Sputnik
"Ашьхақәеи амшыни рыбжьара ишьҭоу ақыҭа Дәрыԥшь даара иԥшӡоуп. Даур Ҳалуашьи Алхас Кәарацхьелиа ажьҭрақәа рымоуп, хәышықәсоуп аӡахәа рааӡоижьҭеи, уи аус даара бзиа ирбоит. Дара аҩы иалархуеит афранцыз хкы ажь ала. Иазгәаҭатәуп, ажьҭрақәа рҿы, ацәаҳәақәа рхаҟны ашәҭ, афранцыз хкы "Софи Лорен" захьӡу, ҳаныҟаз аамҭазы иара шәҭуан, даара иԥшӡоуп, аха уи аԥшӡаразы акәым иара зеиҭаҳәоу, уи ашәҭ ажь анычмазаҩхо унардыруеит, иара ашәҭ аҽоунашьҭӡом", — еиҭалҳәеит Кәарацхьелиаԥҳа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.