Аргәын: иарбанзаалак аус иара ахатә аамҭа амоуп, амҿгьы ианаамҭоу иазырхиатәуп
© Sputnik
"Анкьа абна ахылаԥшҩы: абри аҵла ахажәаауп, ари ақәра ду амоуп, абас ауаа идырдырны акәын ишԥырҟоз амҿы. Уажәы уиаҟара алшара рымаӡам ауаа абна ицаны амҿы азырхиара. Ҳара иҳалшоит зыԥҟара ҟало аҵлақәа иалԥшааны ауаа дырбара. Абна ахылаԥшыҩцәа иахьазы ауаҩы амҿы изырхианы иҭара алшара рымаӡам. Амҿы хкқәа рҟнытә ахьаца иаҳа ибзианы ибылуеит. Аха иазгәаҭатәуп, иарбанзаалакгьы иара ахатә аамҭа шамоу, амҿгьы анылырхуа быӷькаԥсан ауп, ҭагалан, усҟан амҿы аӡы алаӡам", — ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.