Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Гагра амшын аҿы иӡааҟәрылоз аԥсыӡкҩы деиқәдырхеит

Ахҭыс ҟалеит абҵара 1 асааҭ 12 рзы, Ажәытә Гагра арион аҿы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа.  Ахҭыс ҟалеит абҵара 1 асааҭ 12 рзы, Ажәытә Гагра арион, асқьала № 2 аҿы. Ахҭыс иахҭыгәлаз иаразнакы АҶА ахь аҭел иасит. АҶА аусзуҩцәа урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рыҽрымардеит.

"Ааигәа иҟаз ауаа ацхыраара рзыҟаҵомызт, асқьала акыр иҳаракуп. Рацәак ихарамкәа игылан аҳәаахьчаратә Усбарҭа акатер. Урҭ адырра шроуз еиԥш аҭыԥ ахь инеиит", — ҳәа аарыцҳаит апресс-маҵзураҟынтә.

Жәа-минуҭк иахымгакәа Батал Чхабелиа ацхыраара иҭан. Иара аҟәарахьы дшааргаз еиԥшҵәҟьа ацхыраара ласы даҭан ахәышәәтырҭахь дган.

Ахәышәтәырҭаҿ ишырҳәаз ала Чхабелиа ареанимациаҿ дыҟоуп. Иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.