"Уала-ҭахыла азҵаарақәа рыӡбара ҟамларц азы, аԥхьа игылазароуп ахдырра. Аха ауаа зегьы злеиԥшым ҳасаб азуны азакәан ыҟазар, уи ицәырҵуа азҵаарақәа ҳәаақәнаҵон ҳәа сгәы иаанагоит. Азакәан ишьақәнаргылозароуп ауара-аҭахра ҳәаақәас иамоу, ус еиԥш џьарак аус еицырур алшо, иалымшо. Аусқәа зегьы рҟны уи узыҟаҵаӡом, аха аҳәынҭқарратә мали, ашьауӷатә уск аартра иадҳәалоу ухәа реиԥш иҟоу рҟны еиҟәыгазароуп еизааигәоу ауаа. Ари азҵаараҟны закәанла мацарала акәымзаргьы маҷ-маҷ ҳазнеишьа ҳаԥсахыр ауп. Ииашоуп уала-ҭахылатәи азнеишьа Аԥсны зынӡа ҟәыхшьа шамам еилкаауп, аха сиак ыҟазароуп ауацәа аусеицура азин ахьрымам аҭыԥқәа ҳәа. Ус еиԥш иҟазароуп азинхьчаратә усбарҭақәа, афинансқәа ахьыҟоу аусқәа рҿы. Акоррупциа иахәҭакуп аҭыӡшәақәа реидыслара азҵаара. Уи аӡбара алыршаразы иара иазку закәанк ыҟазар бзиоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷолокәуа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.