Арадио

Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы: ирыдҵаало есышықәса рхыԥхьаӡара иацлоит

Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы Аԥсны аабатәи ачемпионат аиҿкааҩцәа иреиуоу Дана Кәыџԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит ари аусмҩаԥгатә иамоу азҿлымҳара есааира ишазҳауа.
Sputnik

"Сынтәа макьана еилкааӡам шаҟа гәыԥ ҟало, урҭ рхыԥхьаӡара есышықәса акы-ҩба иацлоит, ҵыԥх акәзар рхыԥхьаӡара 24 ыҟан. Абҵара жәба рҟынӡа арзаҳал аларҵар рылшоит аинтеллектуалтә хәмаррақәа зхы рызалырхәыр зҭаху.  Иара убас абри аҭел ала иҳадҵаалар рылшоит: 998-01-15. Агәыԥ иалоу хҩык иреиҵамзароуп, иара убас фҩык иреиҳамзароуп.  Уи зыӡбахә сымоу "Бреин-ринг", иара убас "Иарбан? Ианба? Иаба?" ҳәа иҟоу ахәмаррақәа роуп. "Доусы ихәмарра" акәзар, аӡәаӡәала рхы аладырхәуеит", — лҳәеит Кәыџԥҳа.

Абҵара 10-11 рзы аинтеллектуалтә-арҿиаратә клуб "Диуна" Амилаҭтә библиотека ахыбраҟны имҩаԥнагоит Аԥсны аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы аабатәи ачемпионат.