Арадио

Пасаниаԥҳа: "уала-ҭахыла" иадҳәаланы ицәырҵуа азҵаараҿы ахдырроуп ҳзықәгәыӷуа

Азиндырҩы Рамина Пасаниаԥҳа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны дазааҭгылеит аҭыӡшәақәа реидыслара аҭыԥ ақәҵаразы азакәантә шьаҭа змоу аԥҟарақәа аԥҵатәуп ҳәа.
Sputnik

"Аҭыӡшәақәа реидыслара шьақәзыргыло азакәан ҳамаӡам. Уи аан ахымҩаԥгашьа, ус еиԥш зхы аазырԥшыз иахьырхәразы иҟаҵатәу уҳәа еилкааӡам. Иара хаз закәанк аҳасабала аԥҵара аҭахны исыԥхьаӡом. Сгәаанагарала, акоррупциа иаҿагыло азакәан аҟны хаз хәҭаҷны иарбатәуп, аҳәынҭқарратә усзуҩ ихымҩаԥгашьа инадҳәаланы. Ус еиԥш азакәан анҳадаҳкылалак иаҳдыруеит аҭыӡшәақәа реидыслара иаҵанакуа, ҳәаас иамоу. Иахьазы ахдырроуп ҳзықәгәыӷуа "уала-ҭахыла" иадҳәаланы ицәырҵуа азҵаараҟны", — ҳәа азгәалҭеит Пасаниаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.