Аԥсны ашьапылампылтә чемпионат иахыгоуп "Ерцахә" ахәмарыҩцәа ахьазымхоз азы

Ф-командак злахәу XXVI-тәи Аԥсны ашьапылампылтә чемпионат иалагоит абҵара 10 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵ 4 — Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Абҵарамза 5 рзы иалагараны иҟаз XXVI-тәи Аԥсны ашьапылампылтә чемпионат иахыргеит Очамчыратәи акоманда "Ерцахә" ахәмарыҩцәа рыла иахьеиқәшәамыз иахҟьаны. Абри атәы Sputnik акорреспондент илеиҳәеит Аԥсны ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

Кәарацхьелиа: ашьапылампыл азы ачемпионат абҵарамза алагамҭаз ихацҳаркуеит

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, ачемпионат иалагараны иҟан ашәахьа, абҵара 5 рзы. 

"Иахьа ҳрацәажәон акоманда анапхгареи Очамчыра араион ахадареи. Дара ражәақәа рыла, ачемпионат алахәхара рылшомызт. Избанзар акоманда шьақәгылазарц азы 11-12-ҩык ашьапылампыласыҩцәа азхаӡом, 16-18-ҩык иреиҵамзароуп. Ари ачемпионат шықәсык аҟара имҩаԥыслоит, уи аҵыхәтәанӡа уалахәызарц азы, акоманда ӷәӷәазароуп.  "Ерцахәаа" рҽанеидыркыла ашьҭахь еилкаахеит, рхыԥхьаӡара шазымхоз", — ҳәа азгәеиҭеит Федоренко.

Абҵара 4 рзы Аԥсны ашьапылампылтә федерациаҿы ачемпионат алагара иазкыз аилатәара мҩаԥыргеит.  Уи ахыркәшамҭаз иӡбан Ачемпионат иалагарц абҵара 10 рзы. Зынӡа Аԥсуа лига иалахәхоит ф-командак. Ахәмаррақәа х-етапкны имҩаԥысуеит. Уажәазы аиԥыларақәа рымзар ҿыц ашьақәыргылара иаҿуп.

Ачемпионат хыркәшахоит 2019 шықәса, абҵарамза алагамҭазы.