Арадио

Касланӡиа: арҵаҩы изанааҭ ада ҽакы алсхуамызт, аԥсҭазаара мҩа ҿыц санылозҭгьы

Апрофессор, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алықьса Касланӡиа арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит арҵаҩра ада даҽа занааҭк шиҭахымыз. Алықьса Махаз-иԥа иахьа 80 шықәса ихыҵит.
Sputnik

"Сыԥсҭазаара мҩа ҿыц санылозҭгьы, иахьа сызнысыз амҩа санылон, даҽа занааҭк сара сзы иҟаӡам. Арҵаҩрақәагьы зегьы еиԥшым, сара алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа срырҵаҩуп. Ахәыҷы аханатә изымҵаз иаԥхьаҟа еснагь ихьшәахоит, дагхоит. Абри азанааҭ иалсхыз даара исҭахын, иахьагьы уи ада ҽакы снапы аласкуамызт", — иҳәеит Касланӡиа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.