Арадио

Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы азҵаарақәа ахьынтәаарго еиҭалҳәеит

Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы Аԥсны аабатәи ачемпионат аиҿкааҩцәа иреиуоу Дана Кәыџԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит азҵаарақәа реиқәыршәара ишазнеиуа.
Sputnik

"Еиуеиԥшым азҵаарақәа ыҟоуп, иаагозар Аԥсны иадҳәалоу, алогика змоу азҵаарақәа уҳәа. Афинал азы азҵаарақәа ҳзыиҩуеит Павел Солахиан, Ермантәыла инхо, егьырҭ алхратә етапқәа раан ҳара еиқәҳаршәоит азҵаарақәа.

Аҽазыҟаҵаратә хәмаррақәа рзы ҳара Урыстәылатәи асистемаҟны ҳҭаҩҩуп, ирхәмарым азҵааратә пакетқәа ҳзаарышьҭуеит. Убарҭ рыла ҳара ҳахәмаруеит ҳҽаназыҟаҳҵо", —лҳәеит Кәыџԥҳа. 

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.