Арадио

Шамԥҳа абызшәа онлаин арҵара иазкны: мҩабжара инымхандаз, сгәы азыбылуеит

Аԥсуа абызшәа онлаин идзырҵо арҵаҩы, апедагогикатә институт аусзуҩ Аза Шамԥҳа арадио Sputnik аҿы лцәажәараҟны агәыӷра аалырԥшит апроект алҵшәа бзиа аанашьҭып ҳәа.
Sputnik

"Ииашахаҭаны, ари иҿыцу проектуп сара сзы. Уи акы алҵындаз, ибзиахандаз, мҩабжара инымхандаз ҳәа сгәы азыбылуеит. Иара апроект автор Инал Габлиагьы збызшәа бзиа избо аӡә иоуп. Ахыԥхьаӡара ҳашьҭаӡам, аӡәы идымхаргьы абызшәа абзиабара иуркыр, еиҳау ыҟаӡам. Сгәыӷуеит ари апроект алҵшәа бзиа аиуп ҳәа", — лҳәеит Шамԥҳа.

Аԥсуа бызшәа онлаин дырҵара мҩаԥысуеит мчыбжьык ахь ҩынтә: ҩашалеи хашалеи. Аурокқәа сааҭк ицоит. Акурс иахьазы 18 урок рыла ишьақәгылоуп. Шәаҭаар шәылшоит абри ахьарпш шәықәныҟәаны: https://www.facebook.com/apsua.online/ 

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.