Аԥсыӡкра амш: Уаԥстәыла имҩаԥысит аԥсыӡкразы жәларбжьаратәи ачемпионат

Аԥсыӡкразы Аԥсни Урыстәылеи иаарту рчемпионат иалахәын 18 команда, иара мҩаԥысит абҵара 4 рзы Нхыҵ Уаԥстәыла.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсыӡкразы Аԥсни Урыстәылеи иаарту рчемпионат аҟны Аԥснытәи акоманда аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит акоманда акапитан Альберт Бондаренко.

Альберт Бондаренко

Актәи аҭыԥ ааннакылеит Краснодартәи акоманда. Аԥснытәи акоманда аиааира агаразы ҩ-ԥсыӡк азымхеит иҳәеит иара.

"Ҳара иҳалшоз ҟаҳҵеит аха ҳаизымхеит", — иҳәеит Бондаренко.

Аԥснытәи акоманда иалахәын – Альберт Бонадаренко, Анри Сангәлиа, Астамур Сангәлиа. Акоманда акапитан иҳәеит еиҳарак иҽаликааит Астамур Сангәлиа ҳәа.

"Ҳара ҳалҵшәақәа ҳгәаԥхоит. Ачемпионат иалахәын аа-командак, Европа ачемпионцәа 15-ҩык. Асеиԥш иҟоу ауаа рацлабра акыр ихәарҭоуп", — иҳәеит иара.

Награждение призеров Международного открытого чемпионата Абхазии и России по рыбной ловле в Северной Осетии. 4 ноября 2018

Аиндаҭлара мҩаԥысуеит асистема "икы-иоужь" ала. Аекологиагьы ԥырхага анаҭом. Уи инамадангьы акомандақәа рхатә харџь ала аԥсыӡ аахәаны аӡы иҭарҵароуп. Бондаренко иажәақәа рыла уи акалмаҳарира иахәарҭоуп.

Аԥсыӡкыҩцәа иркуа аԥсыӡ напыла иакьымскәа, аӡбаҩ ианирбаны, ааха амҭакәа иаразнак иоурыжьроуп.

Убас, Бзыԥ аӡиас аҳәырԥссара иатәым аҵакыраҟны иоурыжьит ачемпионат амҩаԥгара инамаданы 300 —500 кьыла аԥсыӡ. Хыԥхьаӡарала иугозар 2000 цыра акалмаҳа. Афедерациа апрезидент ишиҳәо ала ачемпионат ззырхо аԥсабара ацхраароуп.

Агәыӷра ыҟоуп 2019 шықәса рзы ачемпионат алахәылацәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы ихаҭәаап ҳәа, Германиеи Прибалтика атәылақәеи ркомандақәа ралахәхарала.