Аԥсуа каратистцәа Ҟазахсҭан аԥыжәарақәа ргеит

Карате кекусинкаи азы адунеи ачемпионат мҩаԥысит Ҟазахсҭан абҵара 2-4 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа ҩыџьа аԥыжәара ргеит Ҟазахсҭан, Астана ақалақь аҿы абҵара 2-4 рзы Карате кекусинкаи азы имҩаԥысуаз адунеи ачемпионат аҿы, ҳәа иҳәеит Аԥсны акарате азы Афедерациа апрезидент Витали Ҷыҭанаа.

Второй чемпионат мира по каратэ кекусинкай в Астане

 

"Роберт Карапетиан аҩбатәи аҭыԥ никылеит. Иара иаԥигеит иапониатәи акаратист. Лера Џьалаӷаниаԥҳа ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Афедерациа апрезидент.

Ачемпионат аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгылон фҩык акаратистцәа, аха дара Урыстәыла еизго акоманда аилазаараз иқәгылар акәхеит.

"Ачемпионат апрограммала ҳара иара аартраҟынӡа мызкы шыбжьаз азыҳәа ҟаҳҵеит. Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа ҳара ачемпионат ҳахьалахәхоз иаҿагылозаарын. Уи азы ачемпионат аиҿкааҩцәа рахь инеихьан. Аԥхьа ирҭахыз рзалмыршеит избанзар Аԥснытәи акоманда аиҿкаарақәа IFK (International Federation ofKarate (Kyokushin) KWU (Kyokushin World Union) ирлахәылоуп, аха, нас Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аиҿкаара KWF (Kyokushin World Federation) ахь ашәҟәы рҩит. Ҳара уи аиҿкаара ҳалахәӡам. Ишызбоз ала аиҿкааҩцәа аполитика иахырҟьаны ауаҟьан-чаҟьан рҭахымхеит. Астана ҳаннеи Урыстәылатәи акоманда шәалахәхароуп ҳәа ҳарҳәеит. Урыстәылатәи акоманда ҳалахәхеит, амедалқәагьы азаагеит. Иҳәатәуп,  қырҭтәылатәи акоманда амедалқәа шамоуз", — иҳәеит Ҷыҭанаа.

Афедерерациа апрезидент ишиҳәаз ала Аԥснытәи акоманда 2019 шықәса рзы Европа ачемпионат алахәра рыгәҭакуп.

Карате кекусинкаи азы адунеи ачемпионат мҩаԥысит Ҟазахсҭан абҵара 2-4 рзы. Аицлабрақәа ирылахәын 1000-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа, 26-тәыла рҟынтәи.

Второй чемпионат мира по каратэ кекусинкай в Астане