Аргәынԥҳа Казантәи атеатртә фестиваль иазкны: акритикцәа рыхәшьара ҳазыԥшын
© Sputnik
"Атеатр азал ҭәын, аԥсуа диаспора Ҭаҭарсҭан ишырацәамгьы, жәҩык астудентцәа ҳзааит. Ҳаспектакль аҭыԥантәи акритикцәа хҩык ахәаԥшит. Аиашазы, ицәгьоуп абызшәа аныузеилымкаауа ақәыргыламҭа ахәаԥшра, аха иааиз рнапеинҟьабжь ала зегьы маншәаланы имҩасит ҳәа сҳәар алшоит. Аспектакль ашьҭахь акритикцәа иалацәажәеит, ргәы иаахәаны ирҳәеит, ҳақәыргыламҭа шыргәаԥхаз атәы", — ҳәа азгәалҭеит Аргәынԥҳа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.