Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа ателехәаԥшраҿы аусура иазкны
© Sputnik
"Ажурналист ахақәиҭра имоу имаму атәы ҳалацәажәозар, аполитика иадҳәалоу азҵаараҿы аҳәынҭқарратә телахәаԥшраҿы аус зуа дарбанзаалакгьы ажурналист ахақәиҭра имаӡам, иара ииҭаху ишиҭаху иҳәартә еиԥш, аҭагылазаашьа ыҟаӡам. Ус еиԥш афактқәа ыҟоуп. Сара сыԥсҭазаараҿы ажурналистикахь снанамгаргьы, зегь акоуп арҿиара иадҳәалоу ак алысхрын, актиоррагьы мап ацәыскӡом. Иахьа, ажурналист иаҳасабала, акыр сылҵны сыҟазар, уи зыбзоуроу Гәырма Амқәаб иоуп", — ҳәа азгәалҭеит Џьыкырԥҳа.
Абҵара 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьаӡа аефирахь иҭыҵижьҭеи 40 шықәса ҵуеит.