Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин Урыстәыла жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит

Урыстәыла жәлар ракзаара Амш есышықәса иазгәарҭоит абҵара 4 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 5 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәыла Жәлар ракзаара амш инамаданы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Ари аныҳәа Урыстәыла амчи афырхаҵареи, еиуеиԥшым аҭоурыхтә хҭысқәеи раан, ажәлар иаадырԥшуаз аидгылара иасимволуп ҳәа азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.

"Иахьа ажәларқәа маҷымкәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш ҭынч Урыстәыла имҩаԥнаго аполитикатә курс иадырҳәалоит. Аԥсны аинтересқәа ирықәшәоит Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара. Агәра ганы сыҟоуп, ҳҳәынҭқаррақәа ганрацәала русеицура есааира ишыӷәӷәахо, иагьшыҭбаахо. Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьысшьарц сҭахуп имариам шәусқәа рынагӡараҿы агәабзиареи аманшәалареи, Урыстәыла ажәлар аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи. Аԥсны иқәынхо ажәлар рыхьӡала ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәаразы шәлагаламҭаз", — ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.

Жәлар ракзаара Амш азгәарҭоит 2005 шықәса раахыс 1612 шықәса рзы Кузьма Минини Дмитри Пожарски рхадарала Москва аполиак интервентцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра иагәаларшәаганы.