Аҭоурых амҩала: Аԥсуа телехәаԥшра 40 шықәса

Sputnik

Аҧсуа телехәаҧшра аҧҵара аҭоурых ахы акуеит 1977-1978 шықәса рзы Аҧсны имҩаҧысуаз ахҭысқәа рхаан. Усҟан гәыҧҩык еицырдыруа аҧсуа уаажәларратә усзуҩцәа аҳәынҭқарра ахадара рахь ашәҟәы рыҩуеит, Қырҭтәыла Аҧсны имҩаҧнаго, аҧсуа жәлар ақырҭуа милаҭ рыларӡҩара иазкыу аполитика ишақәшаҳаҭым ала. Аҧснытәи Автономтә Республика Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала сентиабр 10, 1991 шықәса рзы Ателехәаҧшреи арадиои рзы аҳәынҭқарратә комитет  ахьӡ ҧсахын Аҧсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ҳәа.

1 / 12
Аԥсуа телехәаԥшра аусзуаҩцәа: Анатоли Маланиа, Заира Бигәааԥҳа, Ҭина Қорсаиаԥҳа.
2 / 12
Арежиссиор Амиран Гамгьиа.
3 / 12
Аԥсуа телехәаԥшра аиҳабыс иамаз Гәурам Амқәаб.
4 / 12
Ателехәаԥшра аоператор Анатоли Маланиа, ажурналистцәа- Енвер Арџьениеи, Оҭар Лакрбеи.
5 / 12
Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа: Амиран Гамгьиа, Заира Бигәааԥҳа, Емма Адлеиԥҳа, Лиудмила Ҳагԥҳа.
6 / 12
Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа Леонид Агрбеи Руслан Гәыблиеи.
7 / 12
Арежиссиор Заира Бигәааԥҳа.
8 / 12
Ажурналист Ҭина Қорсаиаԥҳа, арежиссиор Заира Бигәааԥҳа.
9 / 12
Аԥсуа телехәаԥшра астудиа: аоператорцәа Анзор Кәарҷиеи, Анатоли Шьониеи.
10 / 12
Аԥсуа телехәаԥшра аколлектив.
11 / 12
Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер Аԥсуа телехәаԥшраҟны.
12 / 12
Аԥсуа телехәаԥшра. Архивтә фото