Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳагԥҳа Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура иазкны
© Sputnik
"Уамашәа ииубаша ахаангьы ателехәаԥшраҿы аусура сзааи сымҳәацт, уи схгьы-сыгәгьы иҭамлацт, уимоу, иахьа аусурахь сымцар сычмазаҩхоит. Ателехәаԥшра аартра иазыԥшын жәлары зегьы, уи азықәԥон аԥсуаа. Уара есыуаха ҩнаҭацыԥхьаӡа унапы иҵухыз аматериал ала уанҭыҵуа, ажәлар шузыԥшу анудыруа, уи агәалаҟазаара унаҭоит, уи аҭакԥхықәра унаҭоит, узықәшәазаалакгьы уус ҟауҵароуп. Иахьа аусура иаҳа имарихеит, акомпиутерқәа аныҟала нахыс иаҭахым напышьашәала аусура, зыкапан дуу амаругақәа анагаагара", —ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.