Ладариа Гәдоуҭа араион абиуџьет иазкны: ҳзықәгәыӷуа, акурорттә аамҭоуп
© Sputnik
"Ҳазҭаларан иҟоу ашықәс атәы, сынтәатәи аҵкыс 13 миллион мааҭ инарзынаԥшуа еиҳахоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҳбиуџьеҭ сынтәа 253 миллион ыҟазар, ҳаԥхьаҟа иҟалаараны иҟоуп 266 миллион мааҭ рҟынӡа, ус планс иҳадаҳҵеит. Абиуџьет хазырҭәаауа иаҳа ихадоу хырхарҭаны иҟоуп акурорти атуризми. 60% процент рҟынӡа ахашәала убрантә ҳазыԥшуп, убри азы есышықәса акурорnтә аамҭа аҽазыҟаҵара ҳаҿуп, уи азгьы мааҭқәак азоужьҭны иҟоуп. Ҳраионгьы егьырҭ ашықәсқәа раасҭа иаҳа-иаҳа еиӷьхап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Зегь рапҳьа ҳзықәгәыӷуа, ҳбиуџьетгьы хазырҭәаауа, акурорти атуризми рганахьала ашәахтә иҭанагало ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Ладариа.