Макрон ааԥхьара ҟаиҵеит "азеиԥшевропатә ар" аԥҵазарц

Франциа ахада иазиԥхьаӡоит Европа аҿаԥхьа апроблема ду ыҟоуп, иара аҩныҵҟатәи адемократиатә процессқәа иааҟәымҵӡакәа рхы рыларгалоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 6— Sputnik. Франциа ахада Еммануель Макрон ааԥхьара ҟаиҵеит "азеиԥшевропатә ар" аԥҵазарц ЕАШ иахьыԥшымкәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара европаа ҳзыхьчаӡом иаҳзеиԥшу ар аԥаҳамҵар. Ҳара иҳамазароуп Еиду аштатқәа рыдагьы зхала зхы зыхьчар ауа Европа", — иҳәеит Макрон арадиостанциа Europe 1 аефир аҿы.

Франциа ахада иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы Европа аусқәа иааҟәымҵӡакәа анҭыҵынтәи ишырҭаху ирыӡбарцаз рхы шрыларгало.

"Иаҳа-иаҳа ҳусқәа ахрылагалара рҭахуп. Ҳара ҳхы ҳахьчароуп. Китаи, Урыстәыла, Еиду аштатқәа – зегьы рҟынтәи ҳхы ҳахьчалароуп", — иҳәеит Макрон.