Анапхыцәгьаразы изышьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ Ԥсоу аҳәааҿы дааныркылеит

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иааныркылаз ахаҵа ԥшьышықәса афедералтә шьҭазаара даҵанакуан.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳәаахьчаҩцәа иааныркылаз ахаҵа ԥшьышықәса афедералтә шьҭазаара даҵанакуан ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Ахәынҭқарратә Шәарҭадаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзураҿы.

Хышықәса раԥхьа 38-шықәса ззхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ даанкылан амцҳәареи анапхыцәгьареи ирхырҟьаны. Аҭакра иқәымшәарц азы иара дыбналеит. Убри ашьҭахь Афедералтә шьҭазаара иман.

Абналаҩ дааныркылеит Аԥсныи Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра иҽаназишәоз аамҭазы.

Иаанкылоу ахаҵа шәачатәи аполициа дрырҭеит, нас уи иԥшаара иаҿыз дрырҭарац азы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.