"Ауарбақәа" иԥжәар зылшо амаҭәарқәа рҟынтә аполигонқәа дрыцқьоит

Аррамаҵзурауаа, аԥснытәи аполигонқәа "Нагвалоу", "Гәдоуҭа", "Ҵабал" рҟны 12 гектар рҟынӡа аҭыԥқәа дрыцқьароуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауаа аполигонқәа иԥжәо амаҭәашьарқәа рҟынтә ррыцқьара нап адыркит аҵаратә шықәс ҿыц аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭакны. Абри атәы ааицҳауеит арратә база апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Урыстәылатәи арратә базаҿ амаҵзура ахысра еилаӡаратәи аруаа рҿы ҳаҭыр амоуп

"Иԥжәо амаҭәашьарқәа аррамаҵзурауаа ирыԥшаауеит ҳаамҭазтәи атехника ацхыраарала. Ахархәара рыҭоуп арԥжәагақәа инахараны изыԥшаауа, рырԥжәара алзыршо ашьақәгылақәа "Ауарба", аметаллԥшаагақәа "ИМПС", — иҳәеит иара.

Арԥжәагақәа асапиорцәа атротилтә зариад ала иԥыржәоит.

"Аусурақәа зегьы ишьақәыргылоу астандартқәа ирықәшәо имҩаԥыргоит, ашәарҭадара аԥҟарақәа ирықәныҟәоит", — иҳәеит Вадим Астафиев.

Зынӡа аполигонқәа разырхиара иалахәуп 300-ҩык аррамаҵзурауаа, 30 цыра арратә техника ҷыда, анџьныртә машьынақәа ИМР-2, лассы иныҟәо атраншеиатә машьынақәа БТМ-3, ашьҭыхга кранқәа, аекскаваторқәа, аидарашьҭыхгақәа.