"Ҩажәи хәба шықәса аус ууит, мамзаргьы ҩынҩажәа ҳәа акәӡам ихадоу. Ас еиԥш иҟоу ахьыӡқәа, иаагозар, Урыстәыла ианрырҭо ирҳәоит абри азы, иҟаиҵаз азы ҳәа. Иаҳҳәап, ахьыӡ сырҭазҭгьы "Аҳәатәы" ҳәа адырраҭара анымҩаԥызгоз, мамзаргьы арепортажқәа аныҟасҵоз, ахәаԥшҩы иаҳа игәалашәараҿы ианыҟаз. Ателехәаԥшраҿы иқәҿиароу адырраҭарақәа ансымаз ыҟан, иахьазы атематикатә дырраҭарақәа реиҳабыс сыҟоуп, ателепроект сымаӡам. Журналистк иаҳасабала иахьазы Sputnik аҟны ауп аус ахьызуа", — лҳәеит Коӷониаԥҳа.