Зекологиа еиҳа ибзиоу ҳәа иԥхьаӡоу атәылақәа рреитинг шьақәыргылоуп

Ареитинг ашьақәыргылараан раԥхьа иргыланы игәарҭоз аҳауеи аӡи рыцқьароуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Европа ақалақьқәа 70 руааԥсыра рыбжьара имҩаԥгаз азҵаарақәа реихшьаалала икьыԥхьуп Pollution Index 2018 Mid-Year есышықәсатәи аҳасабырба. Аҳасабырбаҿ асаит Numbeo аекспертцәа иалыркааит апланетаҿ еиҳа аекологиа бааԥсы шьақәгыланы иахьыҟоу аҭыԥқәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аметеоролог Барцыц: Аԥсны аҳауа иџьашьахәу лабораториоуп

Аекологиа аганахь ала зегь раасҭа аҭагылазаашьа бааԥс амоуп Монголиа. Уи иашьҭанеиуеит Афганистани Мианмеи.

Зегь раасҭа аҭагылазаашьа бзиа ыҟаны ишьоуп Финлиандиа. Иара иашьҭанеиуеит: Исландиа, Естониа, Швециа, Норвегиа.

Урыстәыла, 102 ҭыԥ рҟынтәи 48-тәи аҭыԥ ааннакылеит. Урыстәыла зегь раасҭа иҟьашьу ақалақь ҳәа ахьӡ ҳәоуп Челиабинск, нас – Екатеринбург. Москвеи Санкт-Петербурги ахԥатәии аԥшьбатәии аҭыԥқәа ныркылеит.