Аԥыза-министр иҭахара иадҳәаланы иаанкылаз ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахәаԥшит иаанкылоу Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус. Ҳаџьараҭ Ҭарсман даанкылоуп аԥыза-министр дахьҭахаз амҩатә машәыр иалахәра инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 8— Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахәаԥшит иаанкылоу Ҳаџьараҭ Ҭарсман иус. Ҭарсман ирбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп аҽа мызки жәохә мши.

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит Мысра ааигәара иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны, цәыббрамза 8, асааҭ 23:10 рзы.

Аҩыза изы ажəа: Шьараф Маршьан Геннади Гагәылиа изкны

Геннади Гагәылиа дызҭатәаз автомашьына Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтәи Аԥсныҟа иаауаз аиҳабыратә кортеж иахәҭакын.

Ареспубликатә трасса 47-тәи акилометр, Блабырхәа ақыҭа ааигәара Аԥсны атәылауаҩ Ҳаџьараҭ Ҭарсман зыԥсҟы икыз амашьына Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иатәу Баҭал Бгьоу зыԥсҟы икыз, аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дызҭатәаз автомашьына "Toyota Camry" иасит. Амашьынаҿ дыҟан иара убасгьы аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аусзуҩ Алхас Џьениа.

Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дызҭаз автомашьына "Toyota Camry" ажра иҭаҳаит.

Геннади Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Иҟалаз инадҳәаланы ашьаус хацыркын. Ҭарсман даанкылан.