Арадио

Цкуа КВН иазкны: иахьагьы асцена саақәгыландаз ҳәа агәаҳәара сымоуп

Абҵарамза 8, КВН жәларбжьаратәи амш аҽны, Аԥсны Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, КВН аԥсуа премиер-лига апродиуссер Михаил Цкуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит КВН иунаҭо алашарақәа шмаҷым.
Sputnik

"КВН иунаҭо маҷӡам, аҟазара злоу ауаҩы даанарԥшуеит, аҩызцәа урҳауеит, атәым ҳәынҭқаррақәа унарбоит. Аҟазара злоу зегьы ирабжьызгоит КВН ихәмарларц, ус баша бзиа избо инены иахәаԥшларц, КВН ауаҩы игәалаҟазаара шьҭнахуеит, уи ихәмаруа изгьы игәышьҭыхгоуп. КВН иснаҭаз маҷӡам, ахаангьы уи сыҽзазыски сымҳәацт, иара иахьагьы гәык-ԥсыкала асцена саақәгыландаз ҳәа агәаҳәара сымоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Цкуа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.