Арадио

Аԥшьлааԥҳа еиҭалҳәеит ажурналистцәа рфорум "Акультурақәа реиҿцәажәара" зызку

Санкт-Петербург имҩаԥысуа ажурналистцәа ҿарацәа еидызкыло жәларбжьаратәи афорум "Акультурақәа реиҿцәажәара" захьӡу иалахәу Аԥсуа телехәаԥшра амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит уи шымҩаԥысуа атәы.
Sputnik
Аԥшьлааԥҳа еиҭалҳәеит ажурналистцәа рфорум "Акультурақәа реиҿцәажәара" зызку

"Сынтәа 35 ҳәынҭқарра рҟынтә 400-ҩык инарзынаԥшуа ажурналистцәа ирыман алшара апроект аҽалархәра. Ажурналистцәа инарҷыданы, аоператорцәа, арежиссиорцәа, аблогерцәа уҳәа еиуеиԥшым амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа. Иара апрограмма зҽызымԥсахуа программоуп, хықәкы хадас иамоугьы акультурақәа реимадара ауп. Ҳаргьы ари апроект ҳхы иархәаны еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟнытә ажурналистцәа ҳрабадыруеит, ҳаимадарақәа ҳарҭбаауеит, русура шеиҿкаау аилкаара ҳалшоит", — ҳәа азгәалҭеит Аԥшьлааԥҳа.