Саманба: ҳгәаҭарақәа аӡәгьы дзацәцаӡом
© Sputnik
"Аилагарақәа зҿы иаарԥшхаз зегьы ахараԥса дыршәахоит, аусӡбарҭахь ишьҭхоит, апрокуратурахьгьы идәықәаҳҵар ҳалшоит. Уажәааигәа Тҟәарчал ҳаҟан, игәаҳҭеит ахәыҷбаҳчақәа аус шыруа. Иҟоуп аилагаракәа, ахәыҷқәа рыфатә ииашамкәа ишьақәгылоуп. Актқәа ҟаҳҵеит, ҳрацәажәеит, ргәырҽанаҳҵеит, ари аӡәгьы дзацәцаӡом. Ауаа рыфатә ҟазҵо мацара ракәым, ауаа рымаҵ зуагьы гәаҳҭалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Саманба.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.