Атәылауаҩи аиҳабыреи: Дгьебиа амилициа аусзуҩ изкны
© Sputnik
"Азакәан зегьы ҳақәныҟәар абзаиарахь ҳкылнагоит, аха лассы-лассы амилициеи азакәани анеиқәымшәогьы ыҟоуп. Доусы иара ихы иааҭашәаз ҟасҵоит ҳәа даҿуп. Амилициаҿы аус зуа зегьы рус ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, аџьабаа ду рбоит. Зегьы рус рнапаҟны иааганы иҟалар бзиан, аха уи зегьы иҳалшом, аӡәы аибашьра ихы иаирхәоит, егьы иҭагылазаашьа, уи ииашаӡам. Аус еиҿкаахарцаз, зегьы ҳхы-ҳгәы еибыҭа ҳаԥсадгыьл амаҵ азаҳур ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Дгьебиа.
Абҵара 10 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Амилициа амш.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.