"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Гогиаԥҳа ажәытәтәи анапҟазара иазкыз акурсқәа ртәы
© Sputnik
Аԥсуа-адыгатә иувелиртә дизаин акурсқәа еиҿкаан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Урҭ ирхысит астудентцәа реиԥш арҵаҩцәагьы. Ас еиԥш апроект аԥшьнагеит афонд "Аидгылара ацҳа".
"Ажәытәан ҳандуцәа, урҭ рандуцәа иҟарҵоз анапкымҭақәа, амаҭәа иадырҵоз аимхәыцқәа роума, арԥшӡагақәа роума, ажәакала ацәамаҭәа иадҳәалоу зегьы шыҟарҵоз, ишрызнеиуаз ҳдырбон. Апроект аԥшьызгаз арҵаҩцәа аарыԥхьеит Ҭырқәтәылантәи, ҳдиаспора иреиуоу. Акурсқәа бжьымчыбжьа имҩаԥысуан. Иҳақәманшәалахеит, даара азҿлымҳара зуҭаша усуп. Ҳандуцәа рхаан иҟарҵоз анапкымҭақәа, ус унадаххыланы иҟауҵо усӡам. Апроект аԥхьаҟагьы иацҵахоит", —ҳәа азгәалҭеит Гогиаԥҳа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.