Ҵәыџьба: ақытанхамҩа ааха амаиурц Гал сынтәа ианаамҭаз ахәшәтәрақәа мҩаԥган
© Sputnik
"Аҟазацәа иҭҵааны ахәшәтәразы азин анҳарҭо ауп аусқәа анынаҳагӡо. Иаагозар, аџьықәреи ахәшә анақәаҳҭәоз, ақәцә ылнамгаӡацызт. Араион аҟны қыҭацыԥхьаӡа абригадақәа еиҿкааны иҳамоуп, аус зуа шә-бригадак рҟынӡа ыҟоуп иахьазы. Дара ахәшә ақәҭәагақәа рыла еиқәыршәоуп, атехника ыҟоуп, уадаҩра раҳамҭаӡеит, избанзар аус ианаамҭоу уаназнеилак алҵшәа аиуеит. Ақыҭанхамҩатә усбарҭа иахьа ацхыраара рынаҭоит анхацәа", — ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.