Хәытаба Шьамтәылаҟа ицара иазкны: ҳаспортсменцәа еиҭанеиааиуа иҟаҳҵоит
© Sputnik
"Еиҿкааз аусумҩаԥгатәқәа зегьы Аолимпиатә хәмаррақәа аспортхкқәа ирыдҳәалан, урҭ рышьақәыргылара, урҭ реиҵыцра уҳәа. Иаҳҭахуп, Аԥсныи Шьамтәылеи р-Аолимпиатә комитетқәа аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵарц. Ҳаспортсменцәа еиҭанеиааиуа, рҽазыҟарҵо уҳәа. Акыр шықәса ҵуеит дареи ҳареи аимадара ҳабжьоижьҭеи, шьҭа Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь, хымԥада урҭ еиҳа рыҽдырҭбаауеит. Шьамтәылеи егьырҭ Арабтәылақәеи аимадарақәа ирыбжьоу ҳхы иархәаны, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳаимадара ҳарҭбаауеит", — ҳәа азгәеиҭеит Хәытаба.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.