Қәычбериа еиҭеиҳәеит 2018 шықәсазы Очамчыра араион абиуџьеҭ зырзынамыгӡаз
© Sputnik
"Абиуџьет ҳзынамыгӡеит, 71 % ауп сынтәа иалҵыз, аҟәрышьла иуҳәозар, 22 миллион мааҭ. Уи зхароу еиуеиԥшым амзызқәа ыҟоуп, ианаамҭаз аинвестпрограммала ацхыраара ҳмоуит, ауааԥсыра ишахәҭаз ашәахтәқәа рымшәаӡеит. Ауаа адгьыл азы аԥара ашәара иаҟәыҵит, алашаразы акәзар, убас. Ҳзықәгәыӷуа ҳәа иҳамоу аԥсыӡтә зауадқәа роуп, убри ала ихаҳарҭәааит иахьатәи абиуџьеҭ. Адотациа нахыс еиҭа ацхыраара ҳақәгәыӷуеит. Абиуџьет еиҳарак ауалафахәы ахь ирхоуп, анаҩс, ирацәоуп есышықәса арыцҳара иақәшәаны ацхыраара иаҳәо анхацәагьы. Урҭгьы излаҳалшо ала ҳрыхәоит", — ҳәа азгәеиҭеит Қәычбериа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.