Арадио

Кәыџԥҳа: ҳахәмаррақәа телехәаԥшралагьы иӡыраҳгаларц ҳҭахуп

Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы Аԥсны аабатәи ачемпионат аиҿкааҩцәа иреиуоу Дана Кәыџԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәмаррақәа рылҵшәақәа ртәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рчемпионат иазкны

"Сынтәатәи ахәмаррақәа ибзиан имҩасит ҳәа ахәшьара ауҭар ҟалоит, аха урҭ иаҳдырбазгьы рацәоуп. "Своя игра" азы иазалхтәуп даҽа мшык, ахәмаррақәа зегьы ҽнак амҩаԥгара цәгьоуп, насгьы уи зхы алазырхәырц зҭаху рацәоуп.  Ихәыҷуп иара убас ахәмарракәа ахьымҩаԥааго аҭыԥгьы. Иаҳҭахуп аинтеллектуалтә хәмаррақәа телехәаԥшралагьы иӡыраҳгаларц, аха уи азы макьана аԥара ҳамам", — ҳәа азгәалҭеит Кәыџԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.