Луганск алхрақәа рҿы ахада инапынҵақәа назыгӡо Леонид Пасечник аԥыжәара имоуп

Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, абҵара 11 рзы ахадацәеи апарламентқәа рдепутатцәеи ралхра мҩаԥысуан.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 12– Sputnik. ЛЖәР аҿтәи алхрақәа рҿы Лугансктәи жәлар республика ахада инапынҵақәа назыгӡо Леонид Пасечник аԥыжәара имоуп 68,4% бжьы рыла ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Елена Кравченко 96% ԥкаанҵа агәаҭара ианахрыжь ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Донецк алхрақәа рҿы ахада инапынҵақәа назыгӡо Денис Пушилин аԥыжәара имоуп

"Агәаҭара иахыжьуп 96 % биуллетень. Леонид Иван-иԥа Пасечник изы рыбжьы рҭиит 68,4% алхыҩцәа", — лҳәеит Кравченко.

Акандидатцәа: Олег Коваль изы рыбжьы рҭиит 16,57% алхыҩцәа, Лиудмила Руснак лзы — 5,84%, Наталиа Сергун лзы — 7,89%", — ҳәа азгәалҭеит Кравченко.

Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, абҵара 11 рзы ахадацәеи апарламентқәа рдепутатцәеи ралхра мҩаԥысуан.