Калифорниа иҭахаз рхыԥхьаӡара 42-ҩык инаӡеит

Калифорниа иҟоу амцакра аҩыза аштат аҭоурых аҟны уаанӡа иҟамлацызт. Аштат анапхгара аҭагылазаашьа ҷыда арежим рыларҳәеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 13– Sputnik. Амцакра иахҟьаны Калифорниа иҭахаз рхыԥхьаӡара 42-ҩык инаӡеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости калифорниатәи аокруг ашериф Биутт Кори Хонеа иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Калифорниа абнақәа амца ахьыркыз иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла 29-ҩык ҭахеит ҳәа рылаҳәан.

"Иахьа аҽа 13-ԥсыбаҩ аабеит. Жәаҩык ақалақь Парадаис иаабеит, аҽа хҩык – Конкоу", — иҳәеит Хонеа.

Калифорниа иҟоу амцакра аҩыза аштат аҭоурых аҟны уаанӡа иҟамлацызт ҳәа иҳәеит ашериф.

Калифорниа амцакра ҟалеит аԥшьаша ашьыжь. Амца иамҽханакит 45 нызқь гектар. Амца иалаблит 179нызқь хыбра. Рыҩнқәа ирхыгоуп 300 000-ҩык ауааԥсыра.

Дональд Трамп абҵара 12 рзы аштат Калифорниаҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылеиҳәеит.