Аҟәа ақалақь аҿы аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит

Аҟәа ақалақь аҿы аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит Адлеиба имҩаҿы, аҩаша, абҵара 13 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 14 —Sputnik, Бадри Есиава. 58-шықәса зхыҵуаз аҳҭнықалақь ауаҩԥсы Аҟәа ақалақь, Адлеиба имҩаҿы амашьына исны иԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"1998 шықәса рзы ииз Џьырхәа ақыҭа ауаҩԥсы зыԥсҟы икыз автомашьына УАЗ Алашарбага араион аҿы 1960 шықәса рзы ииз Аҟәа ақалақь ауаҩԥсы исит. Иоуз аахақәа ирхырҟьаны ахаҵа иԥсҭазаара далҵит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

УАЗ аԥсҟы зкыз даанкылоуп.