"Ахәыҷқәа есышықәса арҭ аурокқәа ирзыԥшуп. Афонд заанаҵы ҳҽазыҟаҳҵоит, еиқәҳаршәоит аматериалқәа, ашколқәа зегьы ирзаҳшоит. Еиуеиԥшым аспикерцәа, еиуеиԥшым ауаажәларратә хеилакқәа русзуҩцәа, ажурналистцәа, мамзаргьы афонд "Ашана" аҩызцәа, имҩаԥыргоит агәыразра аурок. Дара еиуеиԥшым азнагашьа рымоуп, аха рхықәкы акоуп, ахәыҷқәа агәыразра, агәыҳалара рылааӡара. Аурокқәа даара аинтерс аҵаны имҩаԥысуеит, ахәыҷқәагьы азҿлымҳара бзиа аадырԥшуеит. Сынтәа сара сахьыҟаз, Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҿы, аурок мҩаԥылгон Гета Арӡынԥҳа, лара ахәыҷқәа азҵаара анрылҭа иарбан гәыҳалалроу рыԥсҭазаараҿы иҟарҵахьо ҳәа, ахәыҷқәа еицлабны аиҭаҳәара иалагеит. Ицәгьоу ахәыҷы дыҟаӡам, иара идуҵаз ашкол аҿы, мамзаргьы аҩнаҭаҿы ауп илҵуа. Усҟан џьара хәымгарак ҟасҵап ҳәа ихахьгьы иааиуам", — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.