Қәычбериа Очамчыра араион 2019 шықәсазтәи абиуџьет иазкны: ҳаиӷьхоит ҳәа ҳазҳәом
© Sputnik
"2018-тәи ҳбиуџьети 2019-тәи еиҿурԥшуазар, ҳаԥхьаҟа арбагақәа ирыгхоит. Макьана аԥсыӡ аҟнытә шаҟа абиуџьеҭ иҭанагало аҳәара уадаҩуп, ԥхынҷкәын анҵәамҭазы ауп ианеилкаахо уи. Сынтәатәи ашықәс аан еиԥш иҟалар, ҳманшәалахон, аха уи аамҭа иаҳнарбоит. Сынтәа аасҭа ҳаԥхьаҟа ҳаиӷьхоит ҳәа ҳзыҳәом, аинвесторцәа ыҟам, аԥсшьаҩцәа араион ахь иаауа маҷуп. Ҳсасааирҭак ҳамоуп, урҭгьы ианхарҭәаам ыҟоуп. Ақыҭанхамҩа аганахьала иаатыз атеплицақәа даара иҳахәоит. Ацха зауадгьы ҳақәгәыӷуеит, аха макьана уи азҵаара ӡбамкәа иаанхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Қәычбериа.