Аԥсныи Урыстәылеи Питертәи акультуратә форум аҿы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

VII Жәларбжьаратәи акультуратә форум мҩаԥысуеит Санкт-Петербург, абҵара 15 - 18 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла акультура аминистрреи Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аминистрреи рнапы аҵарҩит ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра VII Жәларбжьаратәи акультуратә форум аҿы.

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит 2019 шықәса рзы акультура аусхк аҟны атәылақәа рыҩба русеицура аплан. Арахь иаҵанакуеит атеатрқәа ргастрольқәа, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз аекспертцәа реиԥылара, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵақәа, арҿиаратә коллективқәа ргастрольқәа.

"2019 шықәсанӡагьы аус аулоит 2016 шықәса рзы ҳнапы зҵаҳҩыз апрограмма. Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра ԥхьаҟатәи ҳапланқәеи ҳуснагӡатәқәеи шьаҭа бзианы ирзыҟоуп", - ҳәа лҳәоит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит Аԥснытәи аделегациа фынтәны афорум ишалахәу.

Аԥсныи Урыстәылеи Питертәи акультуратә форум аҿы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

"Ҳара ҳзы аинтерес аҵоуп ҳколлегацәеи ҳареи ҳаиԥылара, ҳԥышәа аимдара, ҳаицәажәара. Еснагь иҿыцу акы алаҳкаауеит, аинформациа ҳауеит. Иарбанызаалак афорум – аидеиа ҿыцқәа, хра змоу аиԥыларақәа ирзырхоуп", - ҳәа лҳәоит лара.

VII Жәларбжьаратәи акультуратә форум мҩаԥысуеит Санкт-Петербург, абҵара 15 - 18 рзы.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ауснагӡатә жәларбжьаратә информациатә партниорны иазыҟоуп.