Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахыргахьеит 1,8 нызқь ҭонна ацитрустә шәырқәа

Уахыки ҽнаки рыла аҳәаа иахыргоит 110 тонна ацитрусқәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Амандаринақәа аҳәаа рахыгара иалагеит жьҭаара 15 инаркны. Иахьазы аҳазалхратә ҭыԥ аҿы ашәҟәы иҭаргалахьеит 1,8 нызқь тонна ацитрус шәырқәа ҳәа аҳәоит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа аофициалтә саит.

"Ацитрусқәа лассы иԥхасҭахо ашәырқәа иреиуоуп. Убри азы асеиԥш иҟоу аидара аԥыжәара аҭаны иоурыжьуеит. Уи адагьы анаплакыҩцәа рхы иадырхәоит аҳазалхратә декларациамҩаԥгара асистема. Аамҭакала атауар, атранспорт ирызку адокументқәа еицынарышьҭуеит. Уи аҳәаа ахысра аамҭа аркьаҿуеит", - иҳәоит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусзуҩ Денис Воронин.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа инарго қыҭанхамҩатә шәыр хаданы иҟоу ацитрустә шәырқәа роуп.

Ҵыԥх абри аамҭазы аҳәа иахыргахьаз 700 тонн ракәын, уахыки ҽнаки иахыргон 20 тонна амандаринақәа.

Иахьазы аҳазалхратә ҭыԥ аҿы ашәҟәы иҭаргалахьеит 1,8 нызқь тонна ацитрус шәырқәа.