Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" иаҭоуп

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" иаҭоуп. Дара уа иҟазаауеит абҵара 10-30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Раԥхьаӡа акәны аԥснытәи ашколхәыҷқәа, аолимпиадақәа рҟны аиааирақәа згаз рзы еиҿкаауп Жәларбжьаратәи ацентр "Артек" ахь ацара.

Рашид Кәыџба Гагра араион датәуп. Иара уаанӡа "Артек" дымнеицызт. Даара игәы иахәоит иҟоу зегьы.

"Ҳара алагер даара иаҳгәаԥхоит. Иҳадгалан иаҳҭаху аотриад аҽалархәра. Сара, Богдан Коӷониа, Лев Агрба, Астамыр Кокоскериа атуристтә отриад алаҳхит", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аԥсуа школхәыҷқәа рымш зегь харҭәаауп. Аҽазыҟаҵарақәа шьыжьнаҵы ирылагоит.

"Алшарақәа рацәаны иҳамоуп. Аныҟәарақәа зегьы ҳрылахәуп. Ашьхарахь ҳхалоит, уахынла апалаткақәа рҿы ҳаԥхьоит. Лассы атурист ихьӡ ҳхырҵоит, уи азы ҳдыррақәа ахәшьара рырҭароуп. Иазыԥхьагәаҭоуп ашьха ҳарак Аиу-Даг ахалара", – иҳәоит Богдан Коӷониа.

"Артек" рыԥсы ршьоит 15-ҩык ҳашколхәыҷқәа.