Арадио

Чуаз: ансамбль "Кьараз" аиқәырхароуп хықәкыс исымоу

Гагратәи ашәаҳәареи акәашареи афольклортә ансамбль "Кьараз" ашьақәгылашьа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Олек Чуаз.
Sputnik
Чуаз: ансамбль "Кьараз" аиқәырхароуп хықәкыс исымоу

"Ашәаҳәареи акәашареи афольклортә ансамбль "Кьараз" иахыҵуеит 55 шықәса, иара напхгара аиҭон Баграт Багаҭелиа. 2015 шықәса рзы идунеи аныиԥсах ашьҭахь сара асахьаркыратә напхгаҩыс сҟалеит. Ҳансамбль иалахәып 20 шықәса инаркны 80 рҟынӡа зхыҵуа аҟазацәа. Ҳансамбль шьақәгылоуп 17-ҩык ашәаҳәаҩцәеи, 12 — ҩык акәашаҩцәеи, 3-ҩык амузыкантцәеи рыла. Сара исҭахуп зықәрахь инеихьо рԥышәа рымыздаша аҿар адгалана ансамбль аиқәырхара", - ҳәа иҳәеит Чуаз.