Гагреи Иалтеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Аԥсныи Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара мҩаԥысуеит Аҟәа, абҵара 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсныи Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагреи Иалтеи рнапы аҵарҩит ҩ-ганктәи аимадарақәа рзы Аиқәшаҳаҭра.

"Ҳара ажәытә ҭоурых аиԥш акультурагьы ҳаиманадоит. Гагреи Иалтеи Асовет еидгылаҿ еицырдыруаз курортқәан. Ҳара ԥхьаҟагьы ҳаизыҟазаашьа еиҳа-еиҳа иҳарҿиалоит", - иҳәеит Иалта ахада Алексеи Челпанов.

Аԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара мҩаԥысуеит Аҟәа, абҵара 15 рзы.