Аԥсныи Ҟрыми русеицура ахырхарҭа иалацәажәеит

Аԥсныи Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16– Sputnik. Аԥсныи Ҟрыми русеицура ахырхарҭа иалацәажәеит Аԥсныи Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәараан. Абри атәы аҳәоит Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Ҳаџьымба Ҟрым Аминистрцәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ дидикылеит

Акомиссиа алахәылацәа алацәажәеит Ҟрымынтәи Аԥсныҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ, афатәаалыҵ, ааглыхратә аалыҵ уҳәа аагашьа азҵаара. Аԥснынтәи Ҟрымҟа анагара азыԥхьагәаҭоуп аџьықәреи, ашәыр, аиҳаракгьы ацитрусқәа. Ҩганк рхаҭарнакцәа ирҳәеит ргәаанагарақәа аԥыжәара змоу аинвистициатә хырхарҭақәа рганахь ала.

"Ааглыхра аусхк аҟны аганқәа алацәажәеит Аԥсны аӷбақәа аремонт рзура аиҿкаара азҵаара", - ҳәа аҳәоит асаит адырраҿы.

Атранспорт аусхк алацәажәараан аусутә гәыԥқәа рлахәылацәа иазгәарҭеит ишазырхиатәу Ҟрыми Аԥсныи реимадаразы амшынтә еидарамҩангагатәи апассаџьыртәи транспорт аныҟәара аиҿкааразы ажәалагалақәа.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҿы ирылацәажәеит акультуреи аҵарадырреи рызҵаарақәагьы.

Аусеицуразы ауснагӡатәқәа рыплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыхәаԥшраны иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Январские педагогические чтения: Дистанционное образование и тенденции его развития" ралархәреи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Ҟрымтәи анџьныр-рҵаҩратә университети рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи.

Акультуреи акультуратә ҭынха аусхки рҟны акомиссиа алахәылацәа адгылара арҭеит апроектқәа реицымҩаԥгара аиҿкаара.

Гагреи Иалтеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Ареспубликақәа рыҩба атуризм аусхк аҿгьы ишеинырша иалацәажәеит. Аԥсны атуристтә индустриа афорум "Открытый Крым", атуризм иазку Урыстәылазегьтәи аконгресс, еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рылахәра хра аманы иршьеит.

Иара убасгьы ишьақәыргылоуп аԥснытәи ауаажәларратәи аҿартәи еиҿкаарақәа жәларбжьаратәи аконференциа "Крым в современном международном контексте" ралахәхара хра аманы иҟалоит ҳәа.

Аԥсныи Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 15 рзы.