Азовтәи амшын украинаа рзы иаркхар алшоит

Уаанӡа украинатәи аҳәаахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа 15 ӷба ааныркылахьан "аоккупациа зызуу Ҟрым амшынбаӷәазақәа рахь закәандарыла рҭаларазы".
Sputnik

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Урыстәыла иалшоит Азовтәи амшын ахь украинатәи аӷбақәа рҭалара ааннакылар иҳәеит Афедерациа Ахеилак атәылахьчараз аилак алахәыла Франц Клинцевич, ҳәа ааныцҳауеит РИА Новости.

Украина Амшын Еиқәа аҳаиртә ҵакыра анаркуеит

"Ҳара аҭак аҟаҵара ҳадырхалоит", - иҳәеит иара иагьациҵеит иаҭахханы иҟалар Азовтәи амшын аркра минуҭқәак роуп иаҭаху украинатәи аӷбақәа рзы ҳәа.

Хәажәкырамзазы Украина Азовтәи амшын аҟны иааннакылеит атраулер "Норд". Аӷба акаԥдан иганахь ала аусҭҵаара хацыркуп. Нанҳәамзазы херсонтәи амшынбаӷәазаҿ иаанкылан атанкер "Механик Погодин".

Урыстәыла Украина ахымҩаԥгашьа "мшынтә терроризмуп" ҳәа ахнаҳәааит.