Украина Амшын Еиқәа аҳаиртә ҵакыра анаркуеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаг Украины на здании Верховной рады в Киеве
Флаг Украины на здании Верховной рады в Киеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аракетақәа рыла ахысрақәа рымҩаԥгара инадҳәаланы Амшын еиқәа аҳаиртә ҵакыра аркхоит абҵара 1-4 рзы.

АҞӘА, абҵара 1— Sputnik. Херсонтәи аобласт аҿы аракетақәа рыла ахысрақәа рымҩаԥгара инадҳәаланы Амшын еиқәа аҳаиртә ҵакыра аркхоит абҵара 1-4 рзы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина аҳаиртә мчрақәа ркомандаҟаҵара ахантәаҩы Дмитри Струтински. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Уаҵәы инаркны ирылагоит Херсонтәи аобласт аҿы азенит-ракетатә комплексқәа ирыцу хылаԥшра зауа аракетақәа рыԥырра-ԥышәаратә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа", — ҳәа Украина аҳаиртә мчрақәа ркомандаҟаҵара ахантәаҩы Дмитри Струтински иажәақәа аанагоит агазеҭ "Украинские новости".

Украина ҵыԥхгьы имҩаԥнагеит асеиԥштәи аҽазыҟаҵарақәа. Аҽазыҟаҵарақәа раан аҳауатә ҵакыра егьырҭ аҳаиртә ӷбақәа рыԥырразы ашәарҭара аҵоуп ҳәа иазырыԥхьаӡеит Украина анапхгара.

Урыстәылатәи аҳаиртә мчрақәа адырра ҟарҵеит Украина имҩаԥнаго ауснагӡатә азы дара адырра шрырымҭаз, адҵагьы ықәдыргылеит иҟаҵаз аҳәамҭақәа мап рыцәкызарц.

Убри аан Ҟрым аҳаиртә ҵакыра аркрахьы иаҵаркымызт, урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа рыԥыррагьы шәарҭадам ҳәа азгәаҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0