"Ԥшьышықәса раԥхьа аҳәынҭқарра Аҿартә театр анаԥырҵа ирырҭеит ацентр "Абаза". Асцена ҳамаӡам анырҳәо, уи иашаӡам. Ихәыҷуп рҳәозар, ҿырԥштәыс иаазгоит агастрольқәа рыла Аԥсныҟа иаало, зусура ахәшьара ҳаракы амоу "Театр на Юго-Западе". Раԥхьа 60 –ҩык ахәаԥшцәа рҭыԥ ахьыҟаз аӷәраҵаҟны иқәгылон, уажәы хәыҷык еиҵырхын 80-ҩык рҭыԥ ыҟоуп. Иазгәасҭар сҭахуп, Аԥсуа драматә театр аҟны аус зуа ахыбра иагу ҟаҳҵалар ауп, аҳәынҭқарра зегьы ахахьы иагом. Ԥшышықәса ирылагӡаны дара иԥҽыз мамзаргьы иблыз акгьы рымԥсахӡеит. Иааины аблеҭқәа ҭиины, ақәгыларақәа мҩаԥганы ицон. Уи атеатргьы ҳара иаҳтәуп. Ҳара ус анаҳҳәа, даргьы иазгәарҭароуп ҳара шәаҳтәуп ҳәа. Аилибакаара ҟалароуп. Аҭагылазаашьа алҵшьас иҟеи? Аԥыза-министр ихантәаҩрала аҳәынҭқарратә комиссиа аус ауит, аилатәарақәа мҩаԥыргеит. Урҭ Аҿартә театргьы ҳаргьы ҳрылахәын. Акомиссиа азааит ашәахьа Аԥсуа театр иаԥырхагамзар, Аҿартә театр иаҭазааит ҳәа. Аҳәынҭқарра ус аԥҟара рыдыркылазар, аофициалла ашәҟәы аарышьҭзар, ҳақәныҟәароуп", -иҳәеит Ҷанба.
Аԥшьаша, абҵара 15 рзы Аҳәынҭқарратә Аҿартә театр актиорцәа Аԥсуа драматә театр аҟны еизеит аспектакль "Амцҳәаҩ даҭахуп" ддырбарц. Дара ахыбрахь инармышьҭит. Аҿагыларатә акциа ҩымш имҩаԥысуеит. Аҿартә театр актиорцәа ирыдыргалеит ашәахьеи ахәашеи рыла Аԥсуа драматә театр аҟны иқәгылаларц, аха дара аҩаша, ахаша, мамзаргьы аԥшьаша ақәгыларақәа рымазар рҭахуп.